Елене Хоштариа аамҭалатәи аиҟәыҭхага дҭыҵит
Елене Хоштариа аамҭалатәи аиҟәыҭхага дҭыҵит

Апартиа “Дроа” алидер Елене Хоштариа аамҭалатәи аиҟәыҭхага дҭыҵит.

АҩАр аинформациа ала, Хәажәкыра 28 рзы апартиа “Дроа” алидер Елене Хоштариа апарламент аԥхьа имҩаԥысуаз акциаҿ аполициа аусуҩцәа рзымӡырҩразы Административтә зинеилагарақәа рзакәанеидкыла 166-тәии 173-тәи ахәҭаҷқәа шьаҭас аҭаны даанкылан.

Апартиа “Дроа” алидер Елене Хоштариа ишаалыцҳаз ала, Диӷоми иҟоу аамҭалатәи аиҟәыҭхагаҿ урыстәылатәи астиль ала лаҳаҭыр ԥырҽит.