Ельдар Шенгелаиа ифильм апремиера
Ельдар Шенгелаиа ифильм апремиера

“Аҵысқәа” – Ельдар Шенгелаиа иашьа, Гиорги Шенгелаиа игәаларшәара аҳаҭыр азы иҭыхын. Афильм апремиера акинотеатр “Амирани” мҩаԥган.

Зметраж кьаҿу афильм Қырҭтәыла Актәи аканал афинанстә цхыраара ала иҭыхын. Уи ҩыџьа аҩызцәа рҭоурых иазкуп. Афильм асценари автор иоуп Амиран Долиӡе, амузыка автор – Даҭо Евгениӡе. Афильм рхы аладырхәон Паата Моисҵраԥишвилии Тристан Саралиӡеи.

Афильм ҿыц ателепремиера Қырҭтәыла Актәи аканал аҿы лаҵара 26, асааҭ 23:00 рзы, Моамбе ашьҭахь ҟалоит.

Атрилогиа ахԥатәи афильм – “Ашәа” аус адулара ахыркәшарахь инеит, Шергелаиа уи Анзор Ерқомаишвили игәаларшәара аҳаҭыр азы иҭихуеит.