Екатерине  Тикараӡе – Иахьазы иҳамоу аинфекциа аларҵәара арбага инақәыршәаны, ашколқәа раартра азҵаара макьана игылам
Екатерине  Тикараӡе – Иахьазы иҳамоу аинфекциа аларҵәара арбага инақәыршәаны, ашколқәа раартра азҵаара макьана игылам

Иахьазы иҳамоу аинфекциа аларҵәара арбага инақәыршәаны, ашколқәа раартра азҵаара макьана игылам, – илҳәеит Агәабзиарахьчара аминистр Екатерине Тикараӡе Акоординациатә хеилак еилатәара ашьҭахь имҩаԥгаз абрифинг аҿы.

Аминистр лажәақәа рыла, ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи рызҵаара Қырҭтәыла мацара акәымкуа, адунеи аҿы иприоритетуп

«Ахәыҷбаҳчақәа ахәыҷы иааӡара апроцесс аҿы аҵак ду амоуп, Аҵара аминистрреи ҳареи аинтенсивтә аусеицура ҳабжьоуп, аха раԥхьаӡа иргыланы ахәыҷқәа ргәабзиара ҳазхәыцуеит. Убри ари азҵаара ахшыҩзышьҭра ду аҭахуп. Иахьазы иҳамоу аинфекциа аларҵәара арбага инақәыршәаны, ашколқәа раартра макьана ҳалшом,” – илҳәеит Тикараӡе.