Едгарс Ринкевичс - Путин ирылеиҳәаз амобилизациа аҟынтә аҽыҵәахра зҭаххо Урыстәыла атәылауаа Латвиа агуманитартә визақәа роуӡом
Едгарс Ринкевичс - Путин ирылеиҳәаз амобилизациа аҟынтә аҽыҵәахра зҭаххо Урыстәыла атәылауаа Латвиа агуманитартә визақәа роуӡом

Латвиа Адәныҟатәи аусқәа рминистр ишааицҳаз, Путин ирылеиҳәаз амобилизациа аҟынтә аҽыҵәахра зҭаххо Урыстәыла атәылауаа Латвиа агуманитартә визақәа роуӡом. Ари аҳәамҭа Едгарс Ринкевичс “Твиттер” аҿы ҟаиҵеит.

„Ашәарҭадара иазку амзызқәа рҟынтә, Путин ирылеиҳәаз амобилизациа аҟынтә аҽыҵәахра зҭаххо Урыстәыла атәылауаа Латвиа агуманитартә визақәа роуӡом. Иара убас иԥсаххом Шенгентәи авизақәа змоу Урыстәыла атәылауаа аҳәаа рхысразы цәыббра 19 рзы амч зауз аԥкрақәа “, – иҩит Ринкевичс.

Урыстәыла ахада Владимир Путин Урыстәыла ихарҭәаам амобилизациа рылеиҳәеит.