EBU ала Европа ачемпионат иазкны икьыҧхьыз астатиа ишану ала, Ауаажәдарратә дырраҭара Қырҭтәыла ашьапылампылтә аизга ақәҿиарақәа раарҧшраҿы ароль хада нанагӡеит
EBU ала Европа ачемпионат иазкны икьыҧхьыз астатиа ишану ала, Ауаажәдарратә дырраҭара Қырҭтәыла ашьапылампылтә аизга ақәҿиарақәа раарҧшраҿы ароль хада нанагӡеит

EBU аҿы  Қырҭтәыла ашьапылампылтә аизга ақәҿиарақәа раарҧшраҿы  Ауаажәларратә дырраҭара инанагӡаз ароль иазкны астатиа ркьыҧхьит.

Европа адырраҭарақәа рхеилак (EBU) ала УЕФА  2024 шықәсатәи Европа ачемпионат иазкны икьыҧхьыз астатиа ишану ала, Қырҭтәыла ашьапылампылтә аизга ақәҿиарақәа раарҧшраҿы ароль хада нанагӡеит  Қырҭтәыла Ауаажәларратә дырраҭара.

Астатиа ишану ала, Қырҭтәыла Ауаажәларратә дырраҭара рашәара 14 инаркны, Европа ачемпионат иреиҕьу амоментқәа зегьы ахәаҧшцәа рыдгалара  иазыхиоуп.

„Европа ачемпионат иадҳәалаз ақәҿиара зеиҧшҟамлац ацәаныррақәа ахылҵит. Абри аҭоурыхтә аиааира арекордқәа зегьы ирҧысит, уи ателеџьармыкьаҿы зеиҧшҟамлац хҭысуп. Амилаҭтә регулиациатә комиссиа адыррақәа рыла, аматч иахәаҧшуан  1,1 миллионҩык ауааҧсыра. Қырҭтәыла иарбанзаалак ателееилахәыразы уи рекордын  – атәыла зегьы иахәаҧшуан“, – илҳәеит Ауаажәларратә дырраҭара агенералтә директор Ҭинаҭин Берӡенишвили.