ЕАШ Украина ацхраатә апакет ҿыц аус аднаулоит. Ари атәы аанацҳаит CNN Аҩны шкәакәа аҟынтә адырра ҵаҵӷәыс аҭаны.
Аҩны шкәакәа амилаҭтә шәарҭадаратә зҵаарақәа рзы абжьагаҩ Џьон Кирби иҟаиҵаз аҳәамҭала, ацхыраара апакет ҿыц иазку адыррақәа аладырҵәоит арҭ амшқәа рзы.
„Украинаа рҟны есымша аимадара ҳамоуп. Украинаа асистемақәа рацәаны раҳҭеит, урҭ аконтржәылараан аеффек бзиа рыман”, – иҳәеит Кирби.