ЕАШ ацҳаражәҳәара Егры аӡиас аҿы иҭахаз атәылауаа рҭаацәарақәа рыдашшылоит
ЕАШ ацҳаражәҳәара Егры аӡиас аҿы иҭахаз атәылауаа рҭаацәарақәа рыдашшылоит.
Ацҳаражәҳәара аланарҵәаз аҳәамҭаҿ ишану ала, ауаа рыԥсҭазаара ахьчаразы, иацы иҟалаз арыцҳара еиҭаҟамларц азы аганқәа зегьы аусеицура нарыгӡароуп.
«ЕАШ ацҳаражәҳәара иацы Егры аӡиас аҿы иҭахаз рҭаацәарақәа адашшылара рзаанарԥшуеит. COVID-19 апандемиа иахҟьаны Аԥсны административтә аҳәааҿ аԥкрақәак шьақәгылоуп. Егры аӡиас аҿы агуманитартә коридор аԥҵара аус аҿы адгыларазы ЕАР иҭабуп ҳәа раҳҳәоит.
Ауаҩытәыҩса иԥсҭазаара ахьчаразы, иацы иҟалаз арыцҳара еиҭаҟамларц азы аганқәа зегьы аусеицура нарыгӡароуп.
ЕАШ ацҳаражәҳәара Қырҭтәыла атерриториатә акзаара адгылоит. Иара убас агуманитартә кризис амзызла аԥхасҭа зауз ауааԥсыра рыдгылара нанагӡоит,» – иануп аҳәамҭа аҿы.