ЕАШ ацҳаражәҳәара Аӡбарҭа ареформа иадҳәаланы арекомендациақәа аус рыднаулеит
Қырҭтәыла иҟоу ЕАШ ацҳаражәҳәара Аӡбарҭа ареформа иадҳәаланы арекомендациақәа аус рыднаулеит.
„Қырҭтәыла иҟоу ЕАШ ацҳаражәҳәара Аӡбарҭа ареформа иадҳәаланы арекомендациақәа апарламенти, аҿбарҭеи, атәылауаҩратә уаажәларреи аднагалоит. Арекомендациақәа иаԥҵоуп ацҳаражәҳәареи апарламенти егьырҭ ихадоу аганқәеи рҟны акоммуникациа шьаҭас аҭаны. Арекомендациақәа рҿы иазыԥхьагәаҭоуп Венециатәиа комиссиеи, Аусеицуреи ашәарҭадареи рзы Еврпатәи аиҿкаарет, Европа аӡбаҩцәа рконсульатциаьә хеиалки (CCJE) егьырҭ жәларбжьаратәи аиӡкаарақәеи ргәаанагарақәа.
Арҭ адетальтә рекоменадциақәа зегьы зҵазкуа ракум, аус иадулатәу азҵаарақәа рацәоуп. Арҭ арекомендациақәа апарламенти азинӡбаратә система егьырҭ алахәылацәеи аконсенсус аихьӡараеи, азакәанԥҵаратә ԥсахрақәа аус рыдулареи рҿы ирыцхраап ҳәа ҳгәыӷуеит.
Еиду Америкатәи аштатқәа апарламенти ақырҭуа жәлари иӷәӷәоу адемократиатә тәыла аргылараҿ рыдгылара азыхиоуп”, – иануп ЕАШ ацҳаражәәара алнарҵәаз аҳәамҭа аҿы.