ЕАШ Ацентртә аԥшыхәратә агентра аҳасабырба инақәыршәаны, Владимир Путин адунеи 24 тәылақәа рполитикцәа раахәара азы 2014 шықәса инаркны 300 миллион доллар нихит
ЕАШ Ацентртә аԥшыхәратә агентра аҳасабырба инақәыршәаны, Владимир Путин адунеи 24 тәылақәа рполитикцәа раахәара азы 2014 шықәса инаркны 300 миллион доллар нихит

Урыстәыла ахада Владимир Путин адунеи 24 тәылақәа рполитикцәа ирнырырц азы 2014 шықәса инаркны 300 миллион доллар анихит. ВВС аинформациа ала ари иануп ЕАШ Ацентртә аԥшыхәратә агентра аҳасабырба аҿы.

Акьыԥхь аинформациа ала, Аԥшыхәратә маҵзура иконкрету атәылақәеи аполитикцәеи рсиа цәырнамгеит, аха аҳасабырбаҿ ишану ала, арҭ атәылақәа ԥшьконтинентк рҿы иҟоуп.

ЕАШ ахада иадминистрациа аҟынтә ишаарыцҳаз, Урыстәыла маӡала зфинансркра иаҿыз атәылақәа реиҳабырақәа адырра рырҭоит.

Администрациа адыррақәа рыла, Урыстәыла 2017 шықәсазы 500 нызқь доллар раҟара Албаниа ацентристтә демократиатә партиа азалнахит, иара убас аԥара апартиақәа рзалнахит Босниеи Мрнтенегрои, Мадагаскари рҿы.

ВВС аинформациа ала урыстәылатәи аган ахаҭарнакцәа ари иадҳәаланы макьана алкаақәа ҟарымҵаӡацт.