ЕАШ Ашьхатә Ҟарабах иҟоу аҭагылазаашьа иазкны агәынамӡара аадырԥшуеит, аганқәа рахь ааԥҳьара ҟарҵоит аҭагылазаашьа аҭышәынтәалараз ирылшо зегь ҟарҵарц
ЕАШ Ашьхатә Ҟарабах иҟоу аҭагылазаашьа иазкны агәынамӡара аадырԥшуеит, аганқәа рахь ааԥҳьара ҟарҵоит аҭагылазаашьа аҭышәынтәалараз ирылшо зегь ҟарҵарц

ЕАШ Ашьхатә Ҟарабах иҟоу аҭагылазаашьа иазкны агәынамӡара аадырԥшуеит, аганқәа рахь ааԥҳьара ҟарҵоит аҭагылазаашьа аҭышәынтәалараз ирылшо зегь ҟарҵарц.

ЕАШ аҳәынҭқарратә департамент апрессмаҵзура ахаҭарнак Нед Праис иҟаиҵаз аҳәамҭала, Ашьхатә Ҟарабах иҟоу аҭагылазаашьа икылкааны иацклаԥшуеит, аԥсыҭбарақәеи ақәԥарақәеи аҭыԥ ахьрымоу агәынамӡара аандырԥшуеит.

“Аганқәа рахь ааԥҳьара ҟарҵоит аҭагылазаашьа аҭышәынтәалараз ирылшо зегь ҟарҵарц, аескалациа ҟамларц”,- иҳәеит Нед Праис.

Иацы Ашьхатә Ҟарабах аҿы Азербаиџьани Шәамахьтәылеи рырратә хәҭақәа реидыслара аԥсыҭбара ацуп.