ЕАШ амш цәгьа амзызла иҭахаз рхыԥхьаӡара 62-ҩык рҟынӡа инаӡеит
ЕАШ амш цәгьа амзызла иҭахаз рхыԥхьаӡара 62-ҩык рҟынӡа инаӡеит

ЕАШ амш цәгьа амзызла иҭахаз рхыԥхьаӡара 62-ҩык рҟынӡа инаӡеит. ВВС аинформациа ала, зықьҩыла ауааԥсыра афымцалашарада иаанхеит.

Ниу Иорктәи аштат иаҵанакәа ақалақь Буффало аҟны асыҭҳәа амшала 28-ҩык ҭахеит. Аштат анапхгара ишаарыцҳаз, аҭыԥ аҿы амобилизациа рзууп арратә полициа хаҭарнакцәа. Аҭыԥантәи амҳабыра аԥсыҭбарақәа ррыцхә иазҳар ҟалап ҳәа аарыцҳаит, ақалақь аҿы аиқәырхара-аԥшааратә операциа мҩаԥысуеит.

Буффало амарадорра фактқәа ҟалеит. Аполициа акомиссар ишааицҳаз, иаанкылоуп ԥшьҩык.

ЕАШ ашторм иахҟьаны атәыла иахьаҵанакуа аҳаирбаӷәазақәа рҿы зықьҩыла апассаџьырцәа рреисқәа ирзыԥшуп.

Аҳауагәаҭаҩцәа рпрогнозқәа рыла, иахьа инаркны амш еилгоит.