ЕАШ аҟынтә Қырҭтәыла ҳамҭас аиуз 500 000 “Фаизер” адозақәа ааргеит.
Алаҵақәа раагара инамаданы Қарҭтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәазаҿ имҩаԥгаз ауснагӡатә рхы аладырхәит Қырҭтәыла Аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили, Агәабзиарахьчара аминистр Екатерине Тикараӡе, Қырҭтәыла иҟоу Еаш ацҳаражәҳәаҩ Келли Дегнан.
Қырҭтәыла иҟоу Еаш ацҳаражәҳәара аинформациа ала, ақырҭуа жәлар рзы аҳамҭа аиуит Баиден-Ҳаррис радминистрациа алаҵақәа рглобалтә ашара аԥшьгара аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Ԥхынгәы 2 рзы Қырҭтәыла аиҳабыра рнапхгаҩы Иракли Ӷарибашвили ишаицҳаз ала, Америка аиҳабыреи ахадеи рыӡбара ала, Қырҭтәыла, авакцина Pfizer 500 000 адозақәа ҳамҭас аиуит.