ЕАШ аҳәынҭдепартамент - Урыстәыла ар алганы, Қырттәыла аҵакырадгьыл ампыҵахалара иаҟәыҵроуп
ЕАШ аҳәынҭдепартамент - Урыстәыла ар алганы, Қырттәыла аҵакырадгьыл ампыҵахалара иаҟәыҵроуп

Урыстәыла ар алганы, Қырттәыла аҵакырадгьыл ампыҵахалара аҟәыҵроуп, – иҳәеит ЕАШ аҳәынҭдепартамент аспикер Меҭиу Миллер имҩаԥигаз абрифинг аҿы.

Ажурналистцәа изықәдыргылаз азҵаара иаҭакны Миллер ишазгәеиҭаз, Америка Урыстәыла мчқәа Қырҭтәыла алгара хықәҟыс амоу аполитика адгылоит.

„Урыстәыла аҭакԥхықәра сазааҭгылоит, Украинаҿ аибашьра алагара иаҭакны Урыстәыла азышьақәҳаргылаз асанкциақәа ҳрыхәаԥшыр, урҭ Урыстәыла арратә алшарақәа рырмаҷра рылшеит. Урыстәыла аекономика аԥхасҭа аиуит. Урыстәыла аҭакԥхықәра иазкны иаарту апозициа ҳамоуп”, – иҳәеит ЕАШ аҳәынҭдепартамент аспикер .