ЕАР Ашәарҭадаратә хеилак аҿы Урыстәыла ампыҵахалараҿ иҟоу Қырҭтәыла аҵакырадгьылқәа рҿы иҟоу аҭагылазаашьеи урыстәыла-қырҭтәылатәи аимаки ирыхцәжәеит
Урыстәыла-Қырҭтәылатәи еибашьра 17 шықәса ҵра инамаданы, ЕАР Ашәарҭадаратә хеилак аҿы Урыстәыла ампыҵахалараҿ иҟоу Қырҭтәыла аҵакырадгьылқәа рҿы иҟоу аҭагылазаашьеи урыстәыла-қырҭтәылатәи аимаки рыхцәжәеит.
Қырҭтәыла АдәАР аинформациала, аилатәараан Европеи, Агәҭанытәи Азиеи Америкеи рызҵаарақәа рзы ЕАР амаӡаныҟәгаҩ хада ицхырааҩ Мирослав Енч Ахеилак алахәылацәа рҿаԥхьа дықәгылан, Женеватәи жәларбжьаратәи еиҿцәажәарақәеи аимактә ҭыԥқә рҿы иҟоу аҭагылазаашьеи дрыхцәажәеит.
Аилатәара ашьҭахь ЕАР Ашәарҭадаратә хеилак иалоу атәылақәа – Британиа дуи, Франциеи, Словениеи, Даниеи, Бырзентәылеи, ахеилак иалалараны иҟоу Латвиеи аҳәамҭа еицыҟарҵеит.
“Аҳәамҭаҿ ишану ала, Қырҭтәыла аганахьала урыстәылатәи агрессиеи Қырҭтәыла аҵакырадгьылқәа – Аԥсни Цхинвалтәи арегиори рҿы изакәандароу арратә аҟазаареи иалагеижьҭеи 17 шықәса ҵуеит. 2008 шықәса нанҳәазы Қырҭтәыла алалара ала Урыстәыла агәыла-тәылақәа рганахьала имҩаԥнаго агрессиа даҽазнык аарԥшын. Урыстәыла ари амҩа́ нанагӡоит Украина имҩаԥнаго агрессиа ала.
Адокумент Қырҭтәыла атерриториатә акзаареи асуверенитети ирыдгылоит. ЕАР аусԥҟа аилагара ала урыстәылатәи абџьармчқәа Қырҭтәыла аҵакырадгьылқәа рышҟа ралалара иақәыӡбоит”, – иануп Қырҭтәыла АдәАР аанарҵәаз аинформациа аҿы.