Дональд Трамп Иракли Кобахиӡе иахь асаламшәҟәы ишьҭит: “Сара сгәыӷуеит ҳусеицура арӷәӷәара, еиҳа ишәарҭам, иқәҿиоу, иҭынчу ԥхьаҟатәи аԥеиԥш ахь ҳаиццаларц азы
Дональд Трамп Иракли Кобахиӡе иахь асаламшәҟәы ишьҭит: “Сара сгәыӷуеит ҳусеицура арӷәӷәара, еиҳа ишәарҭам, иқәҿиоу, иҭынчу ԥхьаҟатәи аԥеиԥш ахь ҳаиццаларц азы”.
Америка Аҳәынҭқарра Ахада Дональд Трамп Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Кобахиӡе ихьӡала ашәҟәы изишьҭит, Америка Еидгылоу Аҳәынҭқаррақәа рхьыԥшымра 250 шықәса ахыҵра инамаданы иҟаиҵаз адныҳәаларазы ҭабуп ҳәа иаҳәо.
Абри атәы аанацҳауеит Қырҭтәыла аиҳабыра рнаԥхгараҭара.
Трамп асаламшәҟәы аҿы ишазгәеиҭаз ала, Ахьыԥшымра Амш Америкатәи ажәлар рышьаҭаркра, иара убасгьы Америкатәи ажәлар рҟазшьа змоу ахақәиҭра, ашьақәгылара, иузымиааиуа агәазыҳәара азгәарҭоит.
Иара убас, Трамп иҩуеит “асуверенитет, ашәарҭадара, насгьы аамҭа рацәалатәи аизҳазыӷьара адгылара азы аус еицаҳуазар, ҳара иҳалшоит аиӷьтәрақәа.
Ашәҟәы аҿы иануп:
“Ҳаҭыр зқәу аминистр хада!
Даараӡа иҭабуп ҳәа шәасҳәоит Америка Еидгылоу Аҳәынҭқаррақәа рхьыԥшымра 250 шықәса ахыҵра иазку адныҳәаларақәа рзы. Ахьыԥшымра Амш ҳмилаҭ ашьаҭаркра азгәарҭоит, насгьы Америка ажәлар еилзыркаауа ахақәиҭреи, ашьақәгылареи, иузымиааиуа агәазыҳәареи азгәарҭоит.
Ҳара ҳазгәдууп ҳтәыла аҭоурых иалагӡаны мҩақәызҵоз апринципқәа, насгьы даара ахә ҳаракны иаҳшьоит урҭ аидеалқәа ҳаҭыр рықәызҵо апартниорцәа реиҩызара.
Ахьыԥшымра аиура 250 шықәса анырхыҵуа аамҭазы, ҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит Америкатәи апринципқәа – аԥсҭазаара, ахақәиҭра, агәырӷьара аԥшаара аныҳәаҿы шәахьҳацныҟәаз азы.
Гәык-ԥсык ала ахә ҳаракны исшьоит шәажәабжь ԥха. Асуверенитети, ашәарҭадареи, хара имгакәа аизҳазыӷьареи рзы ҳаицхырааны аус ҳуазар, ҳара иҳалшоит аиӷьтәрақәа рацәаны иҳаур.
Сара сгәыӷуеит ҳусеицура арӷәӷәара, еиҳа ишәарҭам, еизҳазыӷьо, ҭынч ԥхьаҟатәи аԥеиԥш ахь ҳцаларц азы”, – аҳәоит Америка Аҳәынҭқарра Ахада Дональд Трамп иҟынтәи ашәҟәы.