Дональд Трамп иҳәамаҭала, Путин «Аҭынчра ахеилак» алахәызаара дақәшаҳаҭхеит
Америка ахада Дональд Трамп иҳәамаҭала, Путин «Аҭынчра ахеилак» алахәызаара дақәшаҳаҭхеит.
Ажурналист Дональд Трамп диазҵааит Путин ари ахеилакахь дзааиҧхьаз.
Трамп ишазгәеиҭаз ала, ахеилак иалоуп аус ҟазҵоҵәҟьа алидерцәа.
«Атәылақәа зегьы ари ахеилак иалахәызар ҳҭахуп. Ауаа амч ахьрымоу атәылақәа роуп сызлацәажәо. Убри абзоурала, ҳара ахаангьы апроблемақәа ҳауӡом. Ари ахеилак зеиҧшҟамлац ала идууп, еимактәыс иҟоу хаҿқәакгьы алоуп, аха, арҭ ауаа аус ҟарҵоит. Убри азоуп Путин дзаасыҧхьаз. Иара уи дақәшаҳаҭхеит», — иҳәеит Дональд Трамп.