Днепропетровсктәи атәылаҿацә ақалақь Кривои Рог азы аурыс арбџьармчқәа имҩаҧыргаз ажәылараан иҭахаз ауаа рхыҧхьаӡара шьҭыҵит  жәҩык рҟынӡа,  29ҩык раҟара ахәрақәа роуит
Днепропетровсктәи атәылаҿацә ақалақь Кривои Рог азы аурыс арбџьармчқәа имҩаҧыргаз ажәылараан иҭахаз ауаа рхыҧхьаӡара шьҭыҵит  жәҩык рҟынӡа,  29ҩык раҟара ахәрақәа роуит

Днепропетровсктәи атәылаҿацә ақалақь Кривои Рог азы аурыс арбџьармчқәа имҩаҧыргаз ажәылараан иҭахаз ауаа рхыҧхьаӡара шьҭыҵит  жәҩык рҟынӡа,  29ҩык раҟара ахәрақәа роуит. Ари аинформациа аланарҵәеит украинатәи амедиа.

Амедиа адыррақәа рыла, ахәрақәа зауз иреиуп хәҩык ахәыҷқәа.

Аурыс арбџьармчқәа Кривои Рог иажәылеит рашәара 12 аухаз. Украина ахада Владимир Зеленски ари афакт иадҳәаланы асоциалтә аҳаҿы иҩит: «Украина, хымҧада, ахатә аҳаиртә хыхьчара арҕәҕәароуп, уи убарҭахеит зыӡбахәы ҳәоу афакт алагьы».