Дмитри Саӡаглишвили - Анапхгара Саакашвили хазхаҭалатәи аклиникахь иагара мап ацәыркыр, уи абахҭатә хәышәтәырҭахь диаргар ҟалоит
Қырҭтәыла ԥасатәи ахада Михеил Саакашвили идукат Дмитри Саӡаглишвили иажәақәа рыла, Саакашвили ахәышәтәырҭахь иагара азҵааразы аконсилиум аднакыло аӡбара иазыԥшуп.
Саӡаглишвили ишааицҳаз ала, ахәышәтәырҭахь ииагара аӡбара рыдыркылар, Саакашвили ари аӡбара аҿагылара игәы иҭам.
Аха, адукат игәы шаанаго ала, анапхгара Саакашвили хазхаҭалатәи аклиникахь иагара мап ацәыркыр, уи абахҭатә хәышәтәырҭахь диаргар ҟалоит.