Дмитри Саӡаҕлишвили  - Саакашвили игәабзиаара аҭагылазаашьа хәыҷы-хәыҷла аицәахара иаҿуп
Дмитри Саӡаҕлишвили  - Саакашвили игәабзиаара аҭагылазаашьа хәыҷы-хәыҷла аицәахара иаҿуп

Қырҭтәыла ҧасатәи ахада Михаил Саакашвили идукат Дмитри Саӡаҕлишвили иҳәамҭала, Саакашвили иҳақьым абахҭашҟа инашьҭра иадҳәалоу азҵааразы уажәгьы аҭак имоуӡацт.

Дмитри Саӡаҕлишвили ишиҳәаз ала, амлакра амшала Саакашвили игәабзиаара аҭагылазаашьа хәыҷы-хәыҷла аицәахара иаҿуп.

Иара иажәақәа рыла, Саакашвили хымҧада ихатә ҳақьым димазароуп.

«Иҳақьым Саакашвили ичымазарақәа дрылацәажәон, иара Саакашвили игәабзиара аҭагылазаашьа иазкны аинформациа наӡа имоуп,  убри аҟынтә,  Саакашвили ихатә ҳақьым димазар еиҕьын.

Ҳара аҭагылазаашьа ҷыда ауп ҳазлацәажәо. Абаандаҩы амлакра даҿуп, убри аҟынтә,  зыҧшра ҟамҵакәа аҳақьым дизнагатәуп», — иҳәеит Дмитри Саӡаҕлишвили.