Дмитри Песков – Урыстәылаҟны аиҿцәажәарақәа рымҩаҧгара азхиазаара иадҳәаланы Кулеба иҟаиҵаз аҳәамҭеи Кремль апозициеи еиқәшәоит
«Урыстәылаҟны аиҿцәажәарақәа рымҩаҧгара азхиазаара иадҳәаланы Кулеба иҟаиҵаз аҳәамҭеи Кремль апозициеи еиқәшәоит, аха, анеҩстәи аилыркаарақәа ҳрызҧшыроуп», — иҳәеит Урыстәыла ахада ипресс-спикер Дмитри Песков.
«Кулеба Ван И даниҧылоз абри аҳәамҭа ҟаиҵеит. Ари аҳәамҭеи Кремль апозициеи еиқәшәоит. Шәара ибзианы ижәдыруеит урыстәылатәи аган еснагь аиҿцәажәарақәа ишрықәшаҳаҭыз, аха, араагьы адетальқәа аҭахуп, ҳара урҭ макьана иҳаздырӡом. Убри аҟынтә, анеҩстәи аилыркаарақәа ҳрызҧшып», — иҳәеит Песков.
Китаи ивизитаан Украина адәныҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Кулеба ааицҳаит Украина Урыстәылаҟны аконструктивтә аиҿцәажәарақәа рымҩаҧгара ишазыхиоу.