Дмитри Кулеба - Владимир Путин иаҳа ирацәаны арратә ацәгьаурақәа ҟаиҵоит, аҭынч уааԥсыра рнырҵәара даҿуп
Дмитри Кулеба - Владимир Путин иаҳа ирацәаны арратә ацәгьаурақәа ҟаиҵоит, аҭынч уааԥсыра рнырҵәара даҿуп

«Владимир Путин иаҳа ирацәаны арратә ацәгьаурақәа ҟаиҵоит, аҭынч уааԥсыра рнырҵәара даҿуп», — Иҳәеит Украина Адәныҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Кулеба Харков аракетатә жәылара данахцәажәоз.

“Аварвартә аурыс аракетатә жәыларақәа мҩаԥган Харков  Ахьыԥшымра ашҭеи ашьҭаларҭатә раиони рганахьала. Игәаԥсахеибакра иахҟьаны иаҳа ирацәаны арратә ацәгьаурақәа ҟаиҵоит, аҭынч уааԥсыра нирҵәоит. Адунеи ақәыӷәӷәара ӷәӷәахароуп, Урыстәыла аизолиациа ҟаҵатәуп!” – иҩит аминистр асоциалтә каҭаҿы.

Харков ақалақьтә администрациа ахыбра ааигәара аракета тҟәацит.