Дмитри Кулеба НАТО ахь ааҧхьара ҟаиҵеит Амшын еиқәа арегион аҿы Қырҭтәылеи Украинеи Молдовеи рҟны аусеицура дырҭбаарц
Дмитри Кулеба НАТО ахь ааҧхьара ҟаиҵеит Амшын еиқәа арегион аҿы Қырҭтәылеи Украинеи Молдовеи рҟны аусеицура дырҭбаарц.
Украина Адәныҟатәи аусқәа рминистр ари ари аҳәамҭа ҟаиҵеит НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберги иареи еицымҩаҧыргаз апресс-конференциаҿы.
«Амшын еиқәа арегион аҿы аҭагылазашьа шыуадаҩу ҳхамшҭроуп. Алианс алахәылацәа рахь ааҧхьара ҟасҵоит Амшын еиқәа арегион ашәарҭадара азҵаараҿы Қырҭтәылеи Украинеи Молдовеи рҟын аусеицура дырҭбаарц. НАТО алахәылацәеи алианс иалам аҳәынҭқаррақәеи Амшын еиқәа арегион аҿы русеицура аҵакы ду амоуп», — иҳәеит Кулеба.