Диего Колас - Ҳара иҳамоуп Еврокомиссиа алкаа, уажәы Евроеидгыла ахеилак аӡбара ҳазыԥшуп
Диего Колас – Ҳара иҳамоуп Еврокомиссиа алкаа, уажәы Евроеидгыла ахеилак аӡбара ҳазыԥшуп, – иҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Франциа ацҳаражәҳәаҩ Диего Колас.
Ацҳаражәҳәаҩ иажәақәа рыла, Еврокомиссиа аусура бзиа мҩаԥнагеит, атәыла алахәылацәа рыбжьара абалланс бзиа ҟанаҵеит.
„Евроеомиссиа агәаанагара еиԥшу аӡбамҭа сазыԥшуп. Евроеидгыла ахеилак аӡбамҭа Еврокомиссиа агәаанагара еиԥшуп, даҽакала ҟалом. Шәара европатәи аперспектива шәымоуп, акандидат астатус ахырхарҭала амҩатә хсаалеи акандидат статус аиура аҭахреи шәымоуп. Ари ақәҿиароуп ҳәа сгәы иаанагоит.
Уажәы ареформақәа рымҩаԥгара аганахьала ашьаҿақәа ҟаҵатәуп. Қырҭтәыла аԥеиԥш ари иадҳәалоуп. Акымкәа ареформақәа мҩаԥган, аха уажәы ари ахырхарҭа иаҳа аарԥштәуп, ақәыӷәӷәара ҟаҵатәуп”, – иҳәеит ацҳаражәҳәаҩ.