Девид Крамер – Қырҭтәыла ахатә ҵакырадгьылаҿ ахылаҧшра наӡа еиҭашьақәнаргылаанӡа, жәларбжьаратәи ауаажәларра Москва ақәыҕәҕәара ируалуп
Сара сышьҭахь Урыстәыла акәымкәа, Қырҭтәыла аҵакырадгьылоуп иҟоу. Жәларбжьаратәи ауаажәларра Қырҭтәыла аҵакырадгьылқәа рымпыҵахалара азхарҵар ҟалом, – иҳәеит Америка аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ ҧасатәи ицхырааҩ Девид Крамер ампыҵахалатә цәаҳәаҿы, Оӡиси ақыҭан даныҟаз.
Иара иажәақәа рыла, Америка Қырҭтәылеи ақырҭуа жәлари ирыдгылоит Мраҭашәарашҟа зхы рхоу адемократиатә мҩаҿы.
Крамер иазҵааит – «Атәылаҿ анигилизм аларҵәара иаҿуп, Мраҭашәара Қырҭтәыла интересс ирымам ҳәа рҳәоит, шәара уи иахышәҳәаауеи?» – Девид Крамер абас аҭак ҟаиҵеит: «Абраҟа аурыс агрессиа иалагеит 15 шықәса раҧхьа, уи иахьагьы инагӡоит. Қырҭтәыла ахатә ҵакырадгьылаҿ ахылаҧшра наӡа еиҭашьақәнаргылаанӡа, жәларбжьаратәи ауаажәларра Москва ақәыҕәҕәара ируалуп».
Цәыббра 4-5 рзы Маккеин ихьӡ зху Жәларбжьаратәи алидерра аинститути, Џьорџь Буш иинститути, Аекономикатә политика аҭҵаара ацентри еицымҩаҧыргоит Қарҭтәи 7-тәи жәларбжьаратәи аконференциа «Путинизм иқәхтәуп!».