Deutsche Welle - Евроеидгыла атәылақәа урыстәылатәи агаз ахә армаҷразы изеиқәшаҳаҭымхеит
Евроеидгыла атәылақәа урыстәылатәи агаз ахә армаҷразы изеиқәшаҳаҭымхеит, анефҭ ахә хыхьтәи аҳәаа иадҳәаланы аиҿцәажәарақәа инагӡоит.
Deutsche Welle ишану ала, Евроеидгыла аенергетика аминистрцәа урыстәылатәи агаз ахә азы изеиқәшаҳаҭымхеит, ари азҵааразы ргәаанагарақәа еиҧшым.
Аминистрцәа ари атема иазыхынҳәуеит ҧхынҷәкын 13 рзы имҩаҧысуа анеҩстәи аиҧылараҿы.
«Идуу бжь-ҳәынҭқаррак» ажәалагала ҟарҵеит амшынла Урыстәылатә ироуа анефҭ абаррельк азы 65-70 адоллар ашәаразы. Евроеидгыла тәылақәак ари ахә маҷуп ҳәа ирыҧхьаӡоит, егьырҭ – ахә цәгьоуп ҳәа ргәы иаанагоит. Урыстәылатәи анефҭ ахә азы аҧкра амч аиуроуп ҧхынҷкәын 5 рзы.
Кремль ишырҳәаз ала, урыстәылатәи анефҭ ахә хыхьтәи аҳәаа ашьақәыргылара иадгыло аҳәынҭқаррақәа анефҭ рырҭом.