Давид Залкалиани - Жәларбжьаратәи аформатқәа зегьы рҿы Қырҭтәыла Украина адгылара ӷәӷәа азаанарԥшуеит
Қырҭтәыла иаҿагылоит Урыстәыла Украина аганахьала имҩаԥнаго агрессиа, ари жәларбжьаратәи зин анормақәа еилаганы, жәларбжьаратәи аиҿкаареи Европатәи ашәарҭадаратә архитектура ашәарҭа ҭаднаргылоит, – иҳәеит Қырҭтәыла вице-аԥыза, Адәныҟатәи аусқәа рминистр Давид Залкалиани Аусеицуреи ашәарҭадареи рзы европатәи аиҿкаара уажәтәи ахантәаҩы, Польшатәи Ареспублика Адәныҟатәи аусқәа рминистр, Збигнев Рау иҟны аиԥылара ашьҭахь.
Залкалиани иажәақәа рыла, Қырҭтәыла Украина асуверенитети атерриториатә акзаареи ирыдгылоит,жәларбжьаратәи аформатқәа зегьы рҿы Қырҭтәыла Украина адгылара ӷәӷәа азаанарԥшуеит.
Залкалиани ишазгәеиҭаз, Қырҭтәыла Аусеицуреи ашәарҭадареи рзы европатәи аиҿкаара амониторинг азы амисииа амандат аҿҳәара ацҵара адгылоит, амиссиа аусзураҿ Аусеицуреи ашәарҭадареи рзы европатәи аиҿкаара ахантәаҩра алагала ду шамоу азгәанаҭоит.
Аминистр иажәақәа рыла, ари амиссиа Қырҭтәылантә рхы аладырхәит 30-ҩык иреиҳаны анаԥшцәа.