Давид Залкалиани - Қырҭтәылеи Аемрикеи ирыбжьаз еизыҟазаашьақәа еиҭашьақәыргылатәуи, уи моу апартниорра ӷәӷәатәуп, аҩаӡара ҳарак ҿыц шьақәыргылатәуп
Давид Залкалиани - Қырҭтәылеи Аемрикеи ирыбжьаз еизыҟазаашьақәа еиҭашьақәыргылатәуи, уи моу апартниорра ӷәӷәатәуп, аҩаӡара ҳарак ҿыц шьақәыргылатәуп

Ахьыԥшымра актәи амш инаркны Қырҭтәылеи Америкеи ирыбжьаз аусеицуреи еизыҟазаашьақәеи иахьа иҟоу аҭагылазаашьа ирықәныгоит ҳәа сгәы иаанагом, Қырҭтәылеи Аемрикеи ирыбжьаз еизыҟазаашьақәа еиҭашьақәыргылатәуи, уи моу апартниорра ӷәӷәатәуп, аҩаӡара ҳарак ҿыц шьақәыргылатәуп, – иҳәеит ЕАШ иҟоу Қырҭтәылаа цҳаражәҳәаҩ Давид Залкалиани.

Залкалиани иажәақәа рыла, Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусҳәарҭа анапхгаҩы Илиа Дарчиашвилии Ентони Блинкен ихаҭыԥуаҩ, Џьон Басии реиԥылараҿ атәылақәа иахьа ирыбжьоу еизыҟазаашьақәа ирыхәаԥшит.

“Аҵак ду змаз аиԥылара мҩаԥган Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусҳәарҭа анапхгаҩы Илиа Дарчиашвилии Ентони Блинкен ихаҭыԥуаҩ, Џьон Басии рыбжьара. Аганқәа иахьа ишьақәгылаз аҭагылазаашьа иазыԥхьагәаҭаны иактуалыз ҩганкалатәи еизыҟазаашьақәа ахырхарҭақәа зегьы рыхцәажәеит. Аиԥылараҿ ари аҭагылазаашьа аҭыԥқәҵаразы иҟаҵатәу ашьаҿақәа деталла ирзааҭгылеит”, – иҳәеит ацҳаражәҳәаҩ.

ЕАШ иҟоу Қырҭтәылаа цҳаражәҳәаҩ Давид Залкалиани иажәақәа рыла, астратегиатә партниорцәа ирыбжьоу ауадаҩрақәа рҭыԥқәҵаразы ирылшо зегь ҟарҵоит.

Ацҳаражәҳәаҩ иажәақәа рыла, аиԥылараҿ арегион аҟны иҟоу агеополитикатә ҭагылазаашьа иазааҭгылеит.