Давид Нарманиа - Қырҭтәыла аенергетика Урыстәыла иахьыԥшум ҳәа аманипулиациақәа лассы-лассы иуаҳауеит, ари ииашам
Қырҭтәыла аенергетика Урыстәыла иахьыԥшум ҳәа аманипулиациақәа лассы-лассы иуаҳауеит, ари ииашам, – ааицҳаит Аенергетикеи ӡылеиқәыршәареи рхылаԥшра акомиссиа ахантәаҩы Давид Нарманиа.
„Қырҭтәыла афымцалашара аимпорт Урытәылеи Азербаиџьани, Ҭырқәтәылеи рҟынтә нанагӡоит, ари афымцалашара ахәа иадҳәалоуп. Аҳәынҭқарра аенергосистема атәылақәа рфымцалашара ахәԥса еилкааны, иконкрету ацәаҳәа амҩангаралшара аҳәаақәа ирҭагҿаны афымцалашара аанахәоит. Убри аҟынтә афымцалашареи аԥсабаратә гази рыла Урыстәыла ҳахьыԥшым,” – иҳәеит Нарманиа.