Иракли Ҕарибашвили – Ҳара излауа ала аласра ацаҳҵароуп, Қырҭтәыла излауа ала ирацәаны аӡфымцатә станциақәа ҳаргылароуп
Иракли Ҕарибашвили – Ҳара излауа ала аласра ацаҳҵароуп, Қырҭтәыла излауа ала ирацәаны аӡфымцатә станциақәа ҳаргылароуп

«Аенергетика аухкы аҿы иацҵаны аинвестициақәа рыдаҧхьалара аҭахуп,  ҳара излауа ала аласра ацаҳҵароуп, Қырҭтәыла излауа ала ирацәаны аӡфымцатә станциақәа ҳаргылароуп», — иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили аиҳабыра реилатәараҿы.

Аҧыза-министр иҳәамҭала, иаиуа амчыбжь азы абизнесхаҭарнакцәа ари ахырхарҭала ажәалагалақәа рпакет рызцәырыргоит.

«Афымцазы аҭахра есышықәса иазҳауеит. Ахархәара азҳаит, аха, агенерациа аҭахрақәеи ахархәареи ирышьашәалам, убри аҟынтә, ҳтәыла ашәарҭара иҭагылар ауеит, аенергетикатә шәарҭадареи аенергохьыҧшызаареи аганахьала апроблемақәа ҳазцәырҵуеит. Иааиуа амчыбжь азы ари азҵааразы аӡыргара мҩаҧаагоит, абизнесхаҭарнакцәа ажәалагалақәа рпакет рызцәыраагоит», — иҳәеит аҧыза-министр.