Давиҭ Залкалиани - НАТО иадҳәаланы аполитикатә аӡбара ҟаларцаз, аҳҭнықалақьқәа рҿы аусура ду мҩаҧгатәуп, ахадаратә ҵакы змоу аҳҭнықалақьқәа иреиуп Вашингтон
«НАТО иадҳәаланы аполитикатә аӡбара ҟаларцаз, аҳҭнықалақьқәа рҿы аусура ду мҩаҧгатәуп, ахадаратә ҵакы змоу аҳҭнықалақьқәа иреиуп Вашингтон», — иҳәеит Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр инапынҵақәа назыгӡо Давиҭ Залкалиани НАТО ашҟа Қырҭтәыла аинтеграциа азҵаара даналацәажәоз.
Иара ишиҳәаз ала, Америка администрациа ҿыц аусура ианалагалак, Қырҭтәыла иаразнакҵәҟьта дара рҟны аимадара шьақәнаргылоит.
«2030 шықәсанӡа иҳәаақәҵоу астратегиаҿы НАТО иаарту ашәқәа аполитика аҳәаақәа ирҭагӡаны Қырҭтәылеи Украинеи рҟны иаҳа ирҭбаау аиҿцәажәарақәа рымҩаҧгара иазҧхьагәаҭоуп, уи агәыҕра ду ҳнаҭоит. Аҳҭнықалақьқәа рҿы ари ахырхарҭала аусура арлахҿыхразы ашьаҭа бзиа ҳамоуп», — иҳәеит Залкалиани.