Давиҭ Залкалиани "Мрагыларатә партниорра" адәныҟатәи усқәа рминистериал ихы алаирхоит
Давиҭ Залкалиани "Мрагыларатә партниорра" адәныҟатәи усқәа рминистериал ихы алаирхоит

Бриуссель иахьа “Мрагыларат партниорра” адәныҟатәи усқәа рминистериал мҩаԥгахоит, ауснагӡатә ихы алаирхәоит Қырҭтәыла вице-аԥыза, Адәныҟатәи аусқәа рминистр Давиҭ Залкалиани.

Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аинформациа ала, аминистериал “Мрагыларатә партниорра” асаммит амҩаԥгара мызкы шагу мҩаԥыргоит, уи хықәкыс амоуп асаммит атема хадақәа ирызку адискуссиа амҩаԥгара.

“Давиҭ Залкалиани иколлегацәа ирыдигалоит асаммит адекларациа иалало “Мрагыларатә партниорра” аекономикатәи аинвестициатәи аплан, Евроеидгыла афлагмантә аԥшьгарақәа, урҭ иреиуоуп Қырҭтәыла аенергетикатәи, атранспорттәи ацифратә хырхарҭақәа рырӷәӷәареи, Амшын Еиқәа апотенциал ахархәареи, абизнес маҷи абжьаратә бизнес адгылареи аекологиатә ҭагылазаашьа аиӷьтәреи ирызку  ақырҭуа ган азԥшрақәеи априоритетқәеи.

Вице-аԥыза дырзааҭгылоит ашәарҭадара ахырхарҭаҿ иҟоу ааԥхьарақәа, дахцәажәоит”Мрагыларатә партниорра” арегион аҟны Евроеидгыла ароли аҽалархәра арӷәӷәара аҵакы,” – аарыцҳаит Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҟынтә.