Давиҭ Нарманиа – Афымцеи аҧсабаратә гази рзы ахархәаратә тарифқәа  ирыцымлап ҳәа ҳгәыҕуеит
Давиҭ Нарманиа – Афымцеи аҧсабаратә гази рзы ахархәаратә тарифқәа  ирыцымлап ҳәа ҳгәыҕуеит

«Афымцеи аҧсабаратә гази рзы ахархәаратә тарифқәа  ирыцымлап ҳәа ҳгәыҕуеит», — иҳәеит Қырҭтәыла аенергетикеи аӡылеиқәыршәареи рзы акомиссиа ахантәаҩы Давиҭ Нарманиа.

Нарманиа иҳәамҭала, Қырҭтәыла аҧыза-министр атарифқәа рызҵааразы иацәажәахьеит.

«Аҵыхәтәантәи амшқәа рзы акомиссиа атарифқәа рызҵаазы активла аус ауан. Аҧыза-министр ҳиацәажәахьеит. Афымца аизшаратә еилахәырақәа ҳара ҳахь аҳәара ҟарҵеит ари апроцесс хымз рыла ахырҧаразы, избанзар анеҩстәи ашықәс азы  афымца ааглыхра аҭаӡара зеиҧшрахо макьана еилкаам. Убри аҟынтә, аамҭалатәи атарифқәа шьақәҳыргыларц ҳаӡбеит, афымцаенегретикатә сектораҿ иҟоу уажәтәи атарифқәа даҽа хымз иаанхоит.

Аҧсабаратә газ ҳалацәажәозар, араҟа атарифқәа рацҵара уезгьы ҳазыҧшымызт. Афымцеи аҧсабаратә гази рзы ахархәаратә тарифқәа  рыцымлап ҳәа ҳгәыҕуеит», — иҳәеит  Нарманиа.

Иара иажәақәа рыла, иахьазы атарифқәа рацҵаразы амзызқәа  иҟам.