Қырҭтәыла аенергетикеи аӡылеиқәыршәареи азҵаарақәа рҭыҧқәҵара Амилаҭтә комиссиа ахантәаҩы Давиҭ Нарманиа ишиҳәаз ала, афымцеи аҧсабаратә гази рыхәҧса ацҵара ргәы иҭам.
Нарманиа иҳәамҭала, атәыла, афымцала аиқәыршәареи аҧсабаратә газ аагареи аганахьала аӡынтәи асезон азы имазеиуп.
«Афымцатә системаҿы атарифқәа рышьҭыхра ҳгәы иҭам. Аҧсабаратә газ асектор аҿы ҧхынҷкәын азы атариф ҿыцқәа шьақәҳаргылароуп, аха, авалиутақәа уажәтәи акурс инақәыршәаны, аҧсабаратә газгьы ахә ацымлар ҟалап. Ҳара Азербаиџьан аҟны кыраамҭалатәи аилаӡара ҳамоуп, иҳауа агаз ахә ацлом. Ҳхы иаҳархәа агаз 90% Азербаиџьанынтә иҳауеит», — иҳәеит Нарманиа.