Давиҭ Бақраӡе ишиҳәаз ала, аоппозициеи анапхгаратә гәыҧи анеҩстәи реиҧылара уаҵәы имҩаҧысуеит
Зҵаарақәак рзы ҳпозициақәа еизааигәахеит, аха макьана ҳаззеиқәшаҳаҭымхаз азҵаарақәа иҟоуп, — иҳәеит «Европатәи Қырҭтәыла» алидер Давиҭ Бақраӡе Америка ацҳаражәҳәаҩ лрезиденциаҿы имҩаҧгаз аиҧылара ашьҭахь.
Давиҭ Бақраӡе ишиҳәаз ала, аоппозициеи анапхгаратә гәыҧи анеҩстәи реиҧылара уаҵәы имҩаҧысуеит.
«Шәара шәҿаҧхьа аҭамзаара шьҭасҵароуп, избанзар ацҳаражәҳәаҩцәа рыҳәара ала, иахьа адетальқәа ҳазрылацәажәом. Аха, иаартны исҳәар сҭахуп, зҵаарақәак рзы ҳпозициақәа еизааигәахеит. Макьана ҳаззеиқәшаҳаҭымхаз азҵаарақәагьы иҟоуп, убри аҟынтә, аиҿцәажәаратә процесс нагӡахоит. Анеҩстәи аиҧылара уаҵәы имҩаҧысуеит, уаҵәтәи аиҧылара ашьҭахь адетальқәа рылацәажәара ҳалшап ҳәа сгәыҕуеит», — иҳәеит Давиҭ Бақраӡе.
Америкеи Евроеидгылеи рыцҳаражәҳәаҩцәа рыбжьацәажәара ала, иахьа аоппозициеи анапхгаратә гәыҧи ахҧатәи реиҧылара мҩаҧган.