Давиҭ Арахамиа – Иванишвилии игәыҧи Қырҭтәыла анапхгаратә махәқәа зегьы ааныркылеит, жәларбжьаратәи апартниорцәа ари аус рҽаларгалоит, дара ирласны, ихырҳаганы ишәыцхраауеит
Давиҭ Арахамиа – Иванишвилии игәыҧи Қырҭтәыла анапхгаратә махәқәа зегьы ааныркылеит, жәларбжьаратәи апартниорцәа ари аус рҽаларгалоит, дара ирласны, ихырҳаганы ишәыцхраауеит

 

«Сара ажәабжь бзиа сымоуп,  Макфол ишиҳәаз ала, ирыдыркылараны иҟоу асанкциатә пакет аҿы Қырҭтәылагьы џьоукы асанкциақәа рзышьақәыргылара азҵаара иахаҧшуеит. Раҧхьа иргыланы, Қырҭтәыла ауааҧсыра  исырҭынчыр сҭахуп, ажәлар изакәызаалак ҧырхагак роуам, араҟа Иванишвилии игәыҧи роуп излацәажәо», — иҳәеит украинатәи Рада аҿы афранциа «Ажәлар рмаҵзуҩы» алидер  Давиҭ Арахамиа.

Иара иажәақәа рыла, «Евроеидгылашҟа Қырҭтәыла алаларазы иқәыргылоу аҳәарақәа иреиуп адеолигархизациа, убри аҟынтә, ақырҭуа политикеи ақырҭуа ҳәынҭқарра аҧсҭазаареи аҿы аолигархцәа рнырра ирмаҷтәуп».

«Иванишвилии игәыҧи Қырҭтәыла анапхгаратә махәқәа зегьы рнапаҿы иааргеит. Астрауктурақәа зегьы Иванишвили ихаҭарнакцәа рхылаҧшра аҵаҟа иҟоуп. Убри аҟынтә, Қырҭтәыла иара ахала ари аҭагылазаашьа изалҵуам.  Жәларбжьаратәи апартниорцәа ари аус рҽаларгалоит, дара ирласны,  ихырҳаганы ишәыцхраауеит. Ажәабжь ҿыцқәа ҳрызҧшуп. Америкеи Евроеидгылеи рҟынтә иаауа ажәабжь ҿыцқәа ҳрыцклаҧшуеит», — иҳәеит  Арахамиа  «ТВ Пирвели» аефир аҿы.