Давиҭ Сергеенко – Украинаҟа ҳвизит аамҭакьаҿлатәи аперспективаҿ мацара акәымкәа, ҳаҧхьаҟагьы атәылақәа реизыҟазашьақәа рзы аҵакы ду аман
Давиҭ Сергеенко – Украинаҟа ҳвизит аамҭакьаҿлатәи аперспективаҿ мацара акәымкәа, ҳаҧхьаҟагьы атәылақәа реизыҟазашьақәа рзы аҵакы ду аман

Украинаҟа ҳвизит аамҭакьаҿлатәи аперспективаҿ мацара акәымкәа, ҳаҧхьаҟагьы атәылақәа реизыҟазашьақәа рзы аҵакы ду аман, — иҳәеит Қырҭтәыла апарламент авице-спикер Давиҭ Сергеенко апарламенттә делегациа Украинаҟа рвизит даналацәажәоз.

«Украинаҟа ҳвизит аамҭакьаҿлатәи аперспективаҿ мацара акәымкәа, ҳаҧхьаҟагьы атәылақәа реизыҟазашьақәа рзы аҵакы ду аман.  Иҳабжьаз аилыбамкаара  аиҳара уааҵәҟьа аҭыҧ иқәҵан. Асанкциақәа рыдгылара  уҳәа, хырхарҭақәак ирыдҳәаланы Шьалуа Папуашвили еиллыккаа аилыркаарақәа ҟаиҵеит. Азҵаарақәа реиҳара ӡбоуп ҳәа ҳҳәар ҳалшоит,   “, — иҳәеит Сергеенко.

Иахьа Қырҭтәыла апарламенттә делегациа Украинантә Қарҭҟа ихынҳәит.