CNN - Урыстәылатәи аруаа Харьков х-школки, аныхабааи, адәқьанқәеи абомбақәа рыларыжьит
Урыстәылатәи аруаа Харьков х-школки, аныхабааи, адәқьанқәеи абомбақәа рыларыжьит. Ҧшьҩык ҭахеит. Ари аинформациа аланарҵәеит CNN.
CNN адыррақәа рыла, мышқәак инагӡоз ақәҧара ашьҭахь, урыстәылатәи ар Харьков иҭалеит. Аха, ақалақь макьана Украина ахылаҧшра аҵаҟа иҟоуп.
ЕАР адыррақәа рыла, Украина аибашьра ианалага инаркны иахьанӡа атәыла иалҵхьеит миллионҩыла ахҵәацәа.