CNN - Украина Америка азаанацҳаит есымша 500 цыра "Stinger"-и 500 цыра "Javelin"-и шырҭаху
CNN адыррақәа рыла, Украина Америка анапхгара ирызцәырнагеит дара ирҭаху арратә цхыраара аиқәыҧхьаӡа. Уаҟа ишану ала, Украина есымша ирҭахуп 500 цыра америкатә азениттә ракетақәа «Stinger»-и 500 цыра атанкҭархагатә ракетақәа «Javelin»-и.
Америкатә АИХ адыррақәа рыла, уаанӡа украинатәи аган иаарышьҭыз асиа иарбан шәкыла иаҳа имаҷны аракетақәа.
Иара убас, АИХ адыррақәа рыла, Украина Америка анапхгара ирзаанацҳаит аҳаирпланқәеи, авертолиотқәеи, азениттә комплексқәа С-300 шырҭаху.
Бриуссель имҩаҧгаз абрифинг аҿы Баиден ишааицҳаз ала, Украинаҟа идәықәырҵоит акәылӡтехникеи, аџьаҧҳани, аибашьыгақәеи.
Британиа анапхгарагьы Украина 6000 цыра аракетақәеи 33 миллион адоллар ацхыраареи аҭаразы аҳәамҭа ҟарҵеит.