CNN – Џьо Баиден икандидатура амихыр, Америка адемократиатә партиа алахәылацәа Камала Харрис илыдгылоит  
CNN – Џьо Баиден икандидатура амихыр, Америка адемократиатә партиа алахәылацәа Камала Харрис илыдгылоит  

Џьо Баиден икандидатура амихыр, Америка адемократиатә партиа алахәылацәа Камала Харрис илыдгылоит. Ари атәы аанацҳаит   CNN.

Аинформациа ишану ала, апартиа аҩныҵҟатәи аҭҵаарақәа инрықәыршәаны, авице-ахада  Камала Харрис алхраҧхьатәи акампаниа иаҳа қәҿиарала имҩаҧылгар лылшоит.

Баиден ицхырааҩцәа рҳәамҭала, Америка ахада анеҩстәи амчыбжь азы алхраҧхьатәи акампаниа амҩаҧгара наигӡоит.

Америкатә АИХқәа рдыррақәа рыла, атәылауаа реиҳара Баиден икандидатура амихроуп ҳәа ргәы иаанагоит.

Иара убас, америкатә АИХқәа ишырҩуа ала,  32ҩык  аконгрессмен-демократцәеи ҧшьҩык асенаторцәеи Баиден иахь аргама ааҧхьара ҟаиҵеит апрезиденттә алхрақәа рҽалархәразы мап икырц.