CNN  - ЕАШ аԥшыхәратә маҵзура Евгени Пригожин игылара аплан иазкны адетальтә дыррақәа аман
CNN - ЕАШ аԥшыхәратә маҵзура Евгени Пригожин игылара аплан иазкны адетальтә дыррақәа аман

ЕАШ аԥшыхәратә маҵзура “Вагнер” ашьаҭаркҩы Евгени Пригожин игылара аплан иазкны адетальтә дыррақәа аман, – аанацҳаит CNN.

Аԥшыхәратә информациа ала, Пригожин игылара амзыз рашәара 10 рзы Урыстәыла Атәылахьчара амнистрра аҳәамҭа акәын, уи ала захзаҭалатәи аилахәырақәа зегьы, урҭ рыбжьара “Вагнер”, Урыстәыла Атәылахьчара аминистрраҟны аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵар акәын.

CNN адыррақәа рыла, ахыҵхырҭақәа ишаарыцҳаз, украинатәи ачинҳаракҩцәа аԥшыхәратә информациа заанаҵы рымамызт.