CNN - Борис Џьонсон урыстәыла-украинатә еибашьра иадҳәаланы апартниорцәа ирыдигалоит ф-пункт рыла ишьақәгылоу аплан
CNN - Борис Џьонсон урыстәыла-украинатә еибашьра иадҳәаланы апартниорцәа ирыдигалоит ф-пункт рыла ишьақәгылоу аплан

Иааиуа амчыбжь азы Британиа Ду аҧыза-министр урыстәыла-украинатә еибашьра иадҳәаланы апартниорцәа ирыдигалоит ф-пункт рыла ишьақәгылоу аплан.  Ари аинформациа аланарҵәеит CNN.

Лымкаала, Борис Џьонсон аплан ацәыргара  игәы иҭоуп Канадеи, Нидерланди, Ацентртә Европеи рлидерцәа реиҧылараҿы.

Џьонсон жәларбжьаратәи агуманитартә цхыраара аизгаразы апартниорцәа рахь ааҧхьара ҟаиҵараны дыҟоуп, иара убас, ирыдигалар иҭахуп ахыхьчара аганахьала Украина ацхраареи аекономикатә ганахьала иаҳа иҕәҕәаны  Урыстәыла ақәыҕәҕәареи.

Аамҭакала, Битаниа Ду аҧыза-министр,  Украина алегитимтә напхгара рылахәызаара ала адипломатиатә мҩақәа рыҧшаареи аҭагылазаашьа адеескалациеи, евроатлантикатә регион аҿы ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи арҕәҕәара амзызла зыҧшра ҟамҵакәа акампаниа алагареи азы   апартниорцәа рахь ааҧхьара аҟаҵара игәы иҭоуп.