Қырҭтәыла иҟоу Британиа ду ацҳаражәҳәаҩ Марк Клеитон Қырҭтәыла акатоликос-патриарх Илиа аҩбатәи диԥылеит.
Марк Клеитон “Твиттер” аҿы ишаниҵаз ада, аиԥылараҿ зыԥсҭазаара иалҵыз Британиа Ду акралԥҳәыс Елизавета аҩбатәи лусзуреи, Британиа Дуи Қырттәылеи ирыбжьоу аимадарақәеи Украина Урыстәыла алагаз аибашьра алҵшәақәеи ирыхәаԥшит.
“Қырҭтәыла акатоликос-патриарх Илиа аҩбатәи дахьысԥылаз даараӡа сгәы иаахәеит. Аиԥылараҿ Британиа Ду акралԥҳәыс Елизавета аҩбатәи лусзуреи, Британиа Дуи Қырттәылеи ирыбжьоу аимадарақәеи Украина Урыстәыла алагаз аибашьра алҵшәақәеи ҳрыхцәажәеит”, – иҩит ацҳаражәҳәаҩ.