Британиа Ду ацҳаражәҳәарҭа – Британиа Дуи Қырҭтәылеи акиберҭышәынтәалара арҕәҕәаразы аус еицыруан, «Ақырҭуа гәахәтәы» ари аусеицура иалҵит, аха, Урыстәылантә ашәарҭара аанхеит
« 2019 шықәса жьҭааразы урыстәылатәи арратә ҧшыхәра Қырҭтәыла аганахьала акибержәылара ҕәҕәа мҩаҧнагеит. 2020 шықәса жәабаран азы Британиа Дуи уи апартниорцәеи ишьақәдыргылеит зыӡбахәы ҳәоу акибержәыларақәа Қырҭтәыла асуверинитет арбгареи ақырҭуа жәлар рыҧсҭазаашьа арцәгьареи ишазкыз», — иануп Қырҭтәыла иҟоу Британиа Ду ацҳаражәҳәарҭа иаланарҵәаз аҳәамҭаҿы.
Аҳәамҭаҿы ишазгәаҭоу ала, Британиа Дуи Қырҭтәылеи акиберҭышәынтәалара арҕәҕәаразы аус еицыруан, анеҩс, «Ақырҭуа гәахәтәы» евроатлантикатә аусеицура иалҵит, аха, Урыстәылантә ашәарҭара аанхеит
«Евроеидгылеи, НАТОи, егьырҭ аҳәынҭқаррақәа ркаолициеи ирывагыланы, Британиа Дугьы Урыстәыла агибридтә ауранагӡара ҕәҕәара иақәыӡбит. Британиеи, Украинеи, аглобалтә шәарҭадареи ирҿагыло агидридтә ауранагӡара амшала, Иеиду Аҳра урыстәылатәи арратә ҧшыхәра 4 аиҿкаараки 21ҩык агентцәеи асанкциақәа рзышьақәнаргылеит.
Иаарҧшу афактқәа зегьы даҽазнык ишьақәдырҕәҕәоит Урыстәыла акибержәыларақәеи адезинформациеи рхархарала Европаҿ аилаҩынтәра аиҿкаареи Украина иаҿагыло аибашьра анагӡареи шаҭаху.
Британиа Ду Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи иадгылоит.
2019 шықәса жьҭааразы урыстәылатәи арратә ҧшыхәра Қырҭтәыла аганахьала акибержәылара ҕәҕәа мҩаҧнагеит. 2020 шықәса жәабаран азы Британиа Дуи уи апартниорцәеи ишьақәдыргылеит зыӡбахәы ҳәоу акибержәыларақәа Қырҭтәыла асуверинитет арбгареи ақырҭуа жәлар рыҧсҭазаашьа арцәгьареи ишазкыз», — иануп Британиа Ду ацҳаражәҳәарҭа аҳәамҭаҿы.