Британиа Ду арратә аиҳабацәа ауааԥсыра агәҽанҵара рырҭоит Урыстәылаҟны зымҽхак ҭбаау аибашьразы рҽазыҟарҵарц
Британиа Ду арратә аиҳабацәа ауааԥсыра агәҽанҵара рырҭоит Урыстәылаҟны зымҽхак ҭбаау аибашьразы рҽазыҟарҵарц.
Лондон имҩаԥгаз акәалӡтехника жәларбжьаратәи ацәыргақәҵаҿ данықәгылоз аинрал сер Патрик Сандерс иҟаиҵаз аҳәамҭала, Урыстәыла Украина ақәылара наҟ-наҟтәи ахҭысқәа рдыргоуп. Британиатәи аинрал Украина иҟоу аҭагылазаашьа 1914 шықәсатәи 1937 шықәсатәи акризисқәа реиԥшуп, мраҭашәаратә ԥсҭазаара ҵас азы наҟ-наҟтәи ажәыларақәа рыҿагылара “атәылауаратә ар” мацара ауп зылшо.
Патрик Сандерс ишазгәеиҭаз, Британиа атәылауаа 1945 шықәса рышьҭахь аҭыԥ змамыз атәылауаҩратә мобилизациазы иазыҟаҵазароуп.