Британиа Ду аԥыза-министрс Риши Сунак дҟалеит
Британиа Ду аԥыза-министрс Риши Сунак дҟалеит

Британиа Ду 57-тәи аԥыза-министрс Риши Сунак дҟалеит. Ари астатус 42 шықәса зхыҵуа Сунак Букингемтәи ахан аҟны акрал Чарльз иҟны аиԥылара ашьҭахь иоуит.

Букингемтәи ахан аҟны акрал иҟны асимволтә ҵаҟы змоу аиԥылара ашьҭахь, Британиа Ду аԥыза-министр ауааԥсыра рахь ааԥхьара ҟаиҵеит.

“Иахьа ҳтәыла аекономикатә кризис цәгьа иҭагылоуп. Ковид алҵшәақәа иубарҭоуп. Путин иеибашьра адунеи аҿы аенергетикатә џьармыкьеи аиқәыршәара асхемеи рдестабилизациа ахылҵит”, – иҳәеит Риши Сунак.

Сунак Лиз Траси даҽазнык иҭабуп ҳәа лаиҳәеит.

Британиа Ду аԥыза-министр ҿыц иажәақәа рыла, аиҳабыра ҿыц зҵаара хаданы ирымазаауеит аекономикатә ҭышәынтәалара.