Британиа атәылахьчаратә комитет - Запорожиетәи афымцатә станци ахыргарҭала гәҭакылатәи ажәылара мҩаԥыргар, арадиациа иацәцар, ари Нато иалоу атәылақәа ржәылара ауп ҳәа ҳаԥхьаӡароуп
Британиа атәылахьчаратә комитет - Запорожиетәи афымцатә станци ахыргарҭала гәҭакылатәи ажәылара мҩаԥыргар, арадиациа иацәцар, ари Нато иалоу атәылақәа ржәылара ауп ҳәа ҳаԥхьаӡароуп

Британиа Ду ауаԥшьқәа рпалата атәылахьчаратә комитет анапхгаҩы Тобиас Елвуд иҟаиҵаз аҳәамҭала, Запорожиетәи афымцатә станциа ахыргарҭала гәҭакылатәи ажәылара мҩаԥыргар, арадиациа иацәцар, ари Нато иалоу атәылақәа ржәылара ауп ҳәа ԥхьаӡаны, аиҿкаара ахәбатәи ахәҭаҷ ахархәара алагатәуп.

“Украина иҟоы атомтә афымцатә станциантә арадиациа ацәцара иахылҵуа иарбанзаалак гәҭакылатәи аԥхасҭа Нато ахәбатәи ахәҭаҷ ахархәара ахылҵуеит”, – иҩит Тобиас Елвуд, уи дидгылоит Адам Кинзингергьы.

„Ари 100% рыла ииашоуп. Иарбанзаалак ацәцара Натоиалоу атәылақәа руааԥсыра ирԥырхагахоит. Ари автоматла ахәбатәи ахәҭаҷ амч аҭара ауп иаанаго”, – иҩит Кинзингер.