Британиа ацҳаражәҳәара  аусзуҩцәа рыхәҭак Ливанынтә идырхынҳәит
Британиа ацҳаражәҳәара  аусзуҩцәа рыхәҭак Ливанынтә идырхынҳәит

Британиа Ду Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аӡбарала, ацҳаражәҳәара аусзуҩцәа рыхәҭак Ливанынтә идырхынҳәит.

Иара убас, аминистрра, ахатә тәылауаа ирыбжьанагоит Ливан иқәҵырц.

«Ливан аҭагылазаашьа ирласны аҽаҧсахуеит, иаҳа еицәахар ауеит», — иануп аҳәамҭаҿы.

Аусбарҭаҿ ишырҳәаз ала, Ливанынтә акоммерциатә реисқәа аанкылахар ауеит, иара убас, атәыла зехьынџьара амҩақәа адыркыр ҟалап.

Аҳәамҭа ишану ала, ацҳаражәҳәарҭа аартызаауеит,  Британиа атәылауаа рымаҵ ауразы аусура нанагӡоит.