Хәажәкыра 24, уахынла Бырзентәыла амилаҭтә еизга Қарҭ иаҭааит. Абырзенцәеи Қырҭтәыла амилаҭтә еизгеи Европа ачемпионат аплеи-офф афинал аҿы хәабкыра 26 рзы еиԥылоит.
2004 шықәсатәи Европа ачемпионцәа жәашықәса рышьҭахь ашьапылампылтә турнир ду ашҟа ахынҳәра ауп хықәкыс ирымоу.
Хәажәкыра 25, асааҭ 19:30 рзы Бырзентәыла амилаҭтә гәыԥ “Динамо аренаҿ” азыҟаҵара мҩаԥнагоит. Уаанӡа агәыԥ азыҟаҵаҩ хада Густаво Поиети апрессконференциа мҩаԥигоит.
Бырзентәыла амилаҭтә еизгеи Қырҭтәыла амилаҭтә еизгеи реиԥылара хәажәкыра 26, асааҭ 21:00 рзы “Динамо аренаҿ” мҩаԥысуеит. Ишиашоу атранслиациа абара Актәи аканал аҿы шәылшоит.