Бырзентәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр  - Қырҭтәыла европатәи аперспектива ҳадгылоит, ари азы иконкрету ашьаҿақәагьы ҟаҳҵоит
Бырзентәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр - Қырҭтәыла европатәи аперспектива ҳадгылоит, ари азы иконкрету ашьаҿақәагьы ҟаҳҵоит

Бырзентәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Никос Дендиас иҟаиҵаз аҳәамҭала, Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили Бырзентәылатәи ареспубликахь ивизит ҩтәылак аусеицура арҭбаара шаҭаху иаанагоит. Дендиас ишазгәеиҭаз ала, хара имгакәа Қырҭтәыла даҭаауеит.

Бырзентәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр иажәақәа рыла, Дарчиашвили иҟны аиԥылараҿ иахцәажәеит жәларбжьаратәии иактуалу арегионтәи азҵаарақәа, урҭ иреиуан ашәарҭадара аҭагылазаашьа.

„Раԥхьаӡа иргыланы амчылара, аҳәаақәа рыԥсахра – ари иубарҭоуп Қырҭтәылаҿ – адкылашьа амам. Ҳахцәажәеит Қырҭтәылеи Натои Қырҭтәылеи Европатәи аҭаацәареи русеицура азҵаарақәа. Ҳара Кавказ арегион иазкны аинтерес ду ҳамоуп. Ацҳаражәҳәаҩ Димитрос Карабалис уажәааны Қырҭтәыла иҟоы Евроеидгыла анаԥшратә миссиа напхгаҩыс дҟаҵан,”-иҳәеит Бырзентәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр.

Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили ҩымштәи аусуратә визитла Бырзентәыла дыҟоуп.