Bloomberg -    Биӡина Иванишвилии швеицариатәи «Credit Suisse Group» иатәу трасти рыбжьара  800-миллионтәи аимак адунеитә индустриа ҿырҧштәыс иазыҟалоит
Bloomberg -    Биӡина Иванишвилии швеицариатәи «Credit Suisse Group» иатәу трасти рыбжьара  800-миллионтәи аимак адунеитә индустриа ҿырҧштәыс иазыҟалоит

« Credit Suisse-и амагнати реиҿагылара амшала, амал аиндустриа  аҧсы аӡеит», — абас ахьӡуп аҭыжьымҭа  Bloomberg аҿы икьыҧхьу астатиа.

Уаҟа ишазгәаҭоу ала,  ақырҭуа миллиардер Биӡина Иванишвилии швеицариатәи «Credit Suisse Group» иатәу трасти рыбжьара  800-миллионтәи аимак адунеитә индустриа ҿырҧштәыс иазыҟалоит.

Bloomberg ишану ала, Биӡина  Иванишвили даиааир, траст аоператорцәа  еиуеиҧшым атранзакциақәеи зыгәра узымгаша егьи апрактикеи ишахылаҧашуа аиҭагәаҭара иалагар ҟалап.

«Сингапур мацара акәымкәа, адунеи зехьынџьара аиндустриа ахаҭарнакцәа рыхшыҩ азышьҭны ари аус иацклаҧшуеит», — иҳәеит Сингапуртәи аменеџьмент ауниверситет апрофессор Тан Хан Ву  Bloomberg аинтервиу анеиҭоз.

Bloomberg ишану ала, зыӡбахәы ҳәоу аус амшала, жәларбжьаратәи абанкқәа рхатә стратегиақәа реиҭахәаҧшра рықәшәар ҟалап.  Астатиаҿы ишазгәаҭоу ала, аус ахәаҧшра ианалага адырҩаҽны,  «Credit Suisse»  анапхгара рхатә глобалтә атрасттә бизнес шырҭиуа  аарыцҳаит.

Зыӡбахәы ҳәоу аус иадҳәаланы аҭыжьымҭа аинтервиу аиҭеит Гонконг  иҟоу аиуристтә еилахәыра  апартниор  Клифорд Нги.

«Ари аимак иалагеит  2004 шықәсазы. Усҟан Биӡина Иванишвили, Қырҭтәыла ҧасатәи аҧыза-министр,  1,1 миллиард адоллар ашьҭаҵаразы иалихит Credit Suisse. Убри ашықәс азы абанк аҿы аусура далагеит афранцыз  Патрис Лескадрон,  иара аурысшәа идыруан, аха, усҟан абанктә усхкы аҿы аусура аҧышәа имамызт.  Ҩышықәса рыҩныҵҟа иара арегион идуӡӡоу аклиентцәа аус рыциуан, Иванишвилигьы данрылаҵаны.  Аха, хазхаҭалатәи абанкир  иклиентцәа рыхьӡала азарал шыҟалаз аниба,  иазхеиҵеит  азарал ахарҭәаара дахьӡарц азыҳәан,    дгәамҵны,  анапынҵақәа рҧаршеиреи, ахәаахәҭратә адҵақәа рдубликатқәа рыҟаҵареи  дшалагаз.  Иара имахинациақәа  2015 шықәсанӡа иаарҧшымызт, ари ашықәс азы ииаашамкәа иҟаҵаз ақәҵатә дуӡӡа Иванишвили  120 миллион адоллар изтәеит. Иванишвили идукатцәа рҳәамҭала,  активқәа ирхылаҧшуаз ахылаҧшцәа ахьчареи ахылаҧшреи еиқәдыршәар акәын, иара убас,  2006 шықәсазы Лескадрон ихымҩаҧгашьа иадҳәаланы агәҽанҵаратә дыргақәа анҵәырҵ, иахәҭоу ақәҿыҭра ҟарҵар акәын», — иануп астатиаҿы.

Иванишвили иуристцәа рҳәамҭла, ахылаҧшцәа иахәҭоу аусеилыргара мҩаҧганы, азакәан ала ишақәнагоу еиҧш,  траст гәарҭазҭгьы,  еилыркаауан траст активқәа закәандарала ацәгара ишаҿу, мамзаргьы, уи азы азин змам ахаҿқәа ишрырҭо.  Bloomberg ишану ала, аӡбаратә процесаан ари аҳәамҭа ҟаиҵеит Иванишвили идукат  Кавиндер Булл.  Абри иаҭакны,  «Credit Suisse» атраст ахаҭарнакцәа ишырҳәаз ала,  аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны,  ахылаҧшцәа атраст иалҵуа аҧара ахылаҧшра ируалым. Дара ражәақәа рыла,  аинвестициатә аӡбарақәа рзы аҭак рыҧхықәын Биӡина Иванишвилии ибжьагаҩ Гьаргь  Бачиашвилии.

Аҭыжьымҭа аинформациа инақәыршәаны,   аӡбақәҵа рыларҳәароуп анеҩстәи ашықәс актәи азбжазы.